Азҵаара рыҭара



Адоктортә диссертациа ахцәажәара


Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет аҟны имҩаԥысит Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рҭоурых акафедрақәа русзуҩцәа реилатәра. Аилатәара аҟны имҩаԥысит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Гәырам Џьота-иԥа Гәымба «Аладатәи Кавказ иаҵанакуа аетно-культуратә аимграциатә процессқәа» ҳәа хьӡыс измаз идоктортә диссертациа ахцәажәара.

Аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба иқәгылараҟны инарҭбааны еиҭеиҳәеит идоктортә диссертациа ахқәеи ахәҭаҷқәеи иаадырԥшуа ахықәкы хада. Ахцәажәара иалахәыз аҭоурыхҭҵааҩцәа адиссертант азҵаарақәа ирҭон.

Анаҩс, аусумҭа арецензентцәа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Сима Дбари аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Омар Маани рықәгыларақәа рҟны иазгәарҭеит Гәырам Гәымба ишьҭихыз атема раԥхьаӡакәны аԥсуа ҭоурых аҟны инарҵауланы асистематә шьаҭа аҭаны аҭҵаара илшеит ҳәа. Аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа изгәеиҭеит адиссертациа аетнолого-ҭоурыхтә ҟазшьа шамоу.

Гәырам Гәымба идоктортә диссертациа ахцәажәара ахыркәшамҭазы, аҵарауаа иазырыӡбеит аусумҭа ахьчарахь анашьҭра.