Москватәи аҳәынҭқарратә жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа аинститут аҟны иҟоу Аԥснытәи Аидгьылтәра Ахадареи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Астудентцәа Реидгылеи онлаинла еицеиҿыркааит "Зхыԥхьаӡара маҷу ажәларқәа рбызшәеи ркультуреи аглобализациа аамҭазы реиқәырхара" ҳәа хьӡыс измаз алекциа. Ари атема иазку алекциа даԥхьеит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, алингвист, афольклорист Арда Енвер-иԥа Ашәба.
Аҵарауаҩ Арда Ашәба инарҭбааны дахцәажәеит аԥсуа бызшәа ашьақәгылареи аҿиареи уи методикала азнеишьақәеи, ақьабзқәа реиқәырхареи, акультуратә еимадарақәа рышьақәырӷәӷәареи ртәы. «Ҳбызшәа хшыҩзышьҭра аҳҭароуп етноск аҳасабла ҳаиқәхарц азы», - иҳәеит афилолог.
Алингвист иазгәеиҭеит, Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети рҵарауаа рымчи рыхшыҩи еибыҭаны еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусмҩаԥгатәқәеи шеицымҩаԥырго. Ҷыдала иҳәеит ААУ аректор, академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа ари аус еснагь ахылаԥшреи адгылареи шаиҭо.
Иазгәаҭатәуп, ахатәы бызшәа иазкыз алекциа онлаинла рхы шаладырхәыз еиуеиԥшым атәылақәеи ақальқьқәеи рҟынтә аҵарауааи астудентцәеи.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭакӡаны астуденцәа ирыман алшара аҵарауаҩ иахь азҵаараҭара.
Алекциа ахыркәшамҭаз Москватәи аҳәынҭқарратә жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа аинститут аҟны иҟоу Аԥснытәи Аидгьылтәра Ахадареи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Астудентцәа Реидгылақәа рхаҭарнакцәа Арда Енвер-иԥа Ашәба иҭабуп ҳәа иарҳәеит актуалра ду зҵоу атема агәылырҭәааразы, иагьаадырԥшит агәыӷра алекциақәа рцикл ԥхьаҟагьы ишацҵахо.