Азҵаара рыҭара



Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы – 148 шықәса

Жәабран 21, 1874 шықәсазы диит аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩы, арккаҩы, абызшәадырҩы, аԥсуа "Анбан" аиқәыршәаҩ, агазеҭ  "Аԥсны" раԥхьатәи аредактор, аетнограф, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа. Ажәа "раԥхьатәи" Дырмит Гәлиа аус здиулоз ахырхарҭақәа зегьы рҿы ианаалоит.


Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа иџьашьатәу аԥсҭазааратә мҩа данысит. Ихәыҷра ақәшәеит 1877-1878 шықәсқәа рзы иҟаз аурыс-аҭырқәа еибашьреи амҳаџьырра дуи раамҭа. Иахьа аҳәара уадаҩуп аԥсуа жәлари рбызшәеи ирԥеиԥшхоз, Дырмит Гәлиа иаб иҭаацәа иманы Аԥсныҟа дымгьежьызҭгьы.  Иара иоуп изылшаз ХХ ашәышықәса алагамҭазы аԥсуа литература ауасхыр азышьҭаҵара.  Д.И. Гәлиеи К.Д. Маҷавариани еицхырааны (1862 шықәсазы П.К. Услар ишьақәиргылахьаз алфавит) аус адырулеит аԥсуа алфавит. Анаҩс, иҭыжьын раԥхьатәи арҵага шәҟәқәа,  ажәеинраалақәа аԥсышәала. Д.Гәлиа ибзоуроуп аԥсуа милаҭтә литература еиуеиԥшым атәылақәа рҿы иахьырдыруа.


Арккаҩы икалам иҵихуаз, кыр шықәса раԥхьаҟа аԥхьаҩ игәы шархыҭхыҭуаз  еиԥш, иахьагьы азҽлымҳара рыҵоуп.  Акыр жәашықәса раԥхьа Д. Гәлиа иқәиргылоз азҵаарақәа иахьагьы,  хшыҩзышьҭра змоу, ԥсра зқәым ракәны иаанхоит.