Сынтәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵит. Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рзы ари шьарда зҵазкуа, зҭоурыхтә дацқәа ҵаулоу ныҳәоуп.
1932 шықәсазы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аԥҵан. Аинститут раԥхьатәи адиректорс дҟаҵан Андреи Мақсим-иԥа Ҷоҷуа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аамҭа уадаҩқәа иргәылиааит. Уи ашьақәгылара аҭоурых аҟны иалыркаауеит ихадароу ҩ-периодк: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аартра 1932 шықәса инаркны 1979 шықәсанӡа; аҩбатәи – 1979 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа.
1970-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Қырҭтәыла анапхгара еиҳагьы идырӷәӷәеит ареспубликаҟны рымчра. Имҩаԥыргоз рполитика иахҟьаны, Аԥсны дара рхыԥхьаӡара кырынтә еиҳахеит, аԥсуаа раас́ҭа. Гәҭакыс ирыман аԥсуа жәлари, рбызшәеи, ркультуреи рақырҭуатәра. Абри аамҭа уадаҩ аан аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа ирыӡбеит Асовет Еидгыла анапхгарахь рҭагылазаашьа уадаҩ зныԥшуаз аполитикатә ҟазшьа змаз ашәҟәы маӡала аҩра. Ҽнакала еиқәыршәаз акы акәмызт иара. Уи аԥҵаразы шықәсыбжак аамҭа аҭаххеит, избанзар жәларык рлахьынҵа зыӡбоз акәын, иаԥхьозгьы идеилыркаатәын Аԥсны аҩныҵҟа аҽыԥсахрақәа шхымԥадатәыз, иагьрылшеит уи анагӡара. Имҩаԥгаз аус иалҵшәахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсуа телехәаԥшреи раартра.
1978-тәи ашықәс - Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт азы иналукааша шықәсны иҟалеит. КПСС Ацентр Комитети Асовет Еидгыла Аминистрцәа Реилазаареи Аԥсны азы ирыдыркылаз рықәҵараҿы, иазгәарҭеит аинститут абазала иаԥҵахарц Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет.
Жәабран 5, 1979 ш. СССР Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы Алеқсеи Николаи-иԥа Косыгин инапы аҵаиҩит Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аԥҵаразы адокумент. Аԥсуа жәлари ҳҵарауааи шықәсырацәалатәи рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иабзоураны, 1979 шықәсазы иаартхеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. Ари ахҭыс аԥсуа жәлар зегьы рзы аҵак ду змаз ныҳәа дуун – инаӡеит рыгәҭакы. ААУ раԥхьатәи ареқторс дҟаҵан Зураб Вианор-иԥа Анчабаӡе.
1988 шықәса аахижьҭеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ректорс дамоуп адунеи аҟны зыхьӡ нагоу аҵарауаҩ, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апрофессор Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа.
Аханатә аахыс еиԥш, иахьагьы ауниверситет – ҳмилаҭтә наука, ҳаҭҵаарадырра, ҳкадрқәа, ҳастудентцәа рааӡараҿы аҵак ду змоу ҭҵаарадырратә хәышҭаароуп. Ауниверситет аушьҭымҭацәа ҳҳәынҭқарра аинтеллектуалтә ҩаӡара ашьҭыхра иазааԥсоит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет сынтәа 90 ш ахыҵра инамаданы аҵараиурҭа анапхгара разԥхьагәаҭарала аиубилеитә рыцхә азгәаҭаразы иалхуп акомиссиа.