Азҵаара рыҭара



ААУ аректор Алеко Гәарамиа Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабыра идикылеит

Аиԥылара рхы аладырхәит ауниверситет  анапхгареи,  арҵаҩцәеи, иара убас  афедерациа ахаҭарнакцәа: Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа  рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа,  Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аусбарҭа алахәыла Иумиҭ Ашәба, Сҭампыл еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкыла ахантәаҩы  Албуз Иаган, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Иреиҳаӡоу Асовет алахәыла Аҳмеҭ Ҳаԥаҭи, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәеи.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭакӡаны ауниверситет анапхгареи Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәеи алацәажәеит ԥхьаҟатәи аусеицуразы азҵаарақәа жәпакы. Уахь иаҵанакуеит: Ҭырқәтәыла иҟоу ауниверситетқәеи ААУ рыбжьара аимадара ибжьоу еизырҳауа астудентцәеи арҵаҩцәеи реиҭныԥсахлара, апрақтикатә усуразы аимадарақәа,  Ҭырқәтәылатәи ауниверситет аҟны аԥсуа бызшәа дырҵареи, насгьы 8-ҩык Ҭырқәтәылантәи ААУ аҟны аԥсуа бызшәа зҵо  ҳџьынџьуаа рҵара шымҩаԥысуа атәыи уҳәа азҵаарақәа жәпакы. 

Аиԥылара аҟны аҵак ду змаз акакәны иҟан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны Анатолиатәи ауниверситет афилиал аартразы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара алацәажәара.

Аректор Алеко Гәарамиа  ихәҭаахьала аделегациа ахаҭарнакцәа ақәиргәыӷит ҳџьынџьуаа рҵарадырра иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы рҟны адгылареи ацхыраареи дшазыхиоу. 

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  ахьӡала асасцәа ҳамҭас ирыҭан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Џьулетта Адлеиба леиҭагамҭа «А́ҟәран».