Азҵаара рыҭара



Ԥхынҷкәынмза 14, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Лаҭа иҭахаз ргәалашәара иамшуп

  29-шықәса раԥхьа, ари амш аҽны, аурысцәа рвертолиот МИ-8 Аԥсны Амрагыларатәи ахәҭа аҟынтә ахҵәацәа алганы, Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. 20 минуҭ рышьҭахь, ақырҭуа архәҭақәа ирымпыҵахаланы иҟаз, авертолиот Кәыдрытәи аҩхаа адгьылҵакыра ианахыԥраауаз иҭырҟьан аракета «Землиа воздух». Ашьха аҭыпаҿы икаҳаз авертолиот ԥжәеит, иҭаз аӡәгьы рыԥсы еиқәымхеит. Ари ахлымӡаах иахҟьаны, зныкала 85-ҩык ауааԥсыра рыԥсҭазаара ҿахҵәеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы - 35-ҩык ахәыҷқәа, 8-ҩык зцәа зтәымыз аҳәса. Авертолиот иҭаблыз анышә иамадоуп Гәдоуҭа, аиашьаратә нышәынҭраҿы. ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИА Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҭоурых адаҟьақәа рҿы мшы еиқәаҵәаны иаанхоит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа раан иҭахаз ргәалашәара иазку абаҟа ргылахараны иахьыҟоу ахаҳә амҵан.