Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра аусзуҩцәа раԥшьгарала ААУ аҟны имҩаԥысит афилологиатә ҭцаарадыррақәа рдоктор, апоет, аиҭагаҩ, апублицист, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Владимир Занҭариа илекциа.
Алекциа атема: "Аурыс классика аԥсуа бызшәахьы аиҭагара аҭоурых аҟнытә: арҿиаратә ԥышәа, аиҿырԥшратә анализ, асахьаҭыхратә еиныррақәа".
Иазгәаҭатәуп ас еиԥш иҟоу алекциақәеи амастер классқәеи реиҿкаара аԥсуа литература акафедра аҟны итрадицианы ишыҟоу.
ААУ афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьал аиԥылара аартуа иазгәалҭеит аҵараиурҭа анапхгареи афакультети еснагь ишашьҭоу Аԥсны ауаажәларратә усзуҩцәеи, аҵарауааи ауниверситет ахь рааԥхьара. Уи астудентцәа рдырра еизнарҳауеит ҳәа дахәаԥшуеит адоцент.
Владимир Занҭариа аиқәшәара ахықәкы хада дахцәажәауа иҳәеит: "Ишдыру еиԥш аԥсуа культура аҭоурых аҿы даараӡа аҵакы ӷәӷәаны шьардаӡа зҵазкуа цәырҵраны иҟоуп асахьаркыратә еиҭагара ажанр, иара убри ажанргьы маҷк игәыгәҭыжьны иахьыҟоу аҟнытә иахьынӡасылшоз издыруаз еидкыланы асистематә ҟазшьа асҭеит, насгьы афакультет анапхгара аҳәара иҟарҵаз ала астудентцәа идсырдырырц сҭаххеит. Аиҳабацәа иаҳдыруа аҿар идеилҳаркаароуп, ҳхатә ԥышәа рымаҳдароуп",- иҳәеит апублицист.
Аиҭагара иацу ауадаҩрақәа дырзааҭгыло Владимир Занҭариа иҳәеит абызшәақәа рлексикатә система ахьеиԥшым аҟнытә уи шымариам, атәым бызшәаҟнытә аҩымҭа аԥсшәахь арцәажәара унапаҿы аагара мариам ҳәа.
Алекциа анхыркәшаха ашьҭахь, аиԥылара иалахәыз афилологиатә факультет арҵаҩцәеи астудентцәеи аҭагылазаашьа рыман аҵарауаҩ иахь азҵаараҭара.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Гәдоуҭа араион Аҵара аусбарҭа аиҳабы Инна Џьугьелиа, В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет анапхгаҩы Ахра Анқәаб, аԥсуа литература акафедра арҵаҩцәа: Дифа Габниа, Манана Аршба, Гәында Сақаниа, Ҭамила Аршба.