Азҵаара рыҭара



ААУ аректор Алеко Гәарамиа Аиқәшаҳаҭра инапы аҵаҩит

Аԥснынтәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Алеко Гәарамиа дидикылеит Афедералтә биуџьеттә ҵарадырра иреиҳау аҵараиурҭа "Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут" амедиакоммуникациеи аудиовизуалтә ҟазареи афакультет адекан инапынҵақәа назыгӡо, ажурналистика акафедра арҵаҩы Иури Владимир-иԥа Кот.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны афинансқәа рминистр В.Делба, ААУ аҵараус азы апроректор В.Маланӡиа, ААУ аҿар рполитиказы апроректор М.Чегиа, ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы Гә.Амқәаб, ААУ аҟазарақәа рыҟәша анапхгаҩы Н.Логәуа, ААУ аректор ицхырааҩ А.Қаџьаиа.

ААУ аректор Алеко Гәарамиа аиԥылара аартуа иазгәеҭеит иахьатәи амш даара крызҵазкуа рыцхәны ишыҟоу Аԥсны азы - Аконституциа 27 шықәса ахыҵра. Аректор асас изеиҭеиҳәеит Аконституциа адкылара аус аҟны Аԥсны знысыз аҭоурыхтә мҩа. Анаҩс, академик Алеко Гәарамиа ҳаԥсадгьыл азы имариам аамҭақәа раан, аҿар рҵарадырраҟны аџьа збо аҵарауаа рааԥсара дахцәажәауа, иҳәеит урҭ рџьабаа ахә ашьара шыуадаҩу.

Аҵарауаҩ Иури Кот иажәақәа рҟны  иҳәеит игәыблыра Аԥсны ишазынхо. Асовет Еидгыла анхыбгала ашьҭахь аҿиара иалагаз аҳәынҭқаррақәеи аметрополиақәеи рыбжьара, Аԥсны иқәынхо ажәлар гәык-ԥсыкала аиаша иазықәԥо, иҿырԥшыгоу жәларуп ҳәа азгәеиҭеит. Инаҵшьны иҳәеит иара изын шгәахәара дуу аҵараиурҭақәа рыбжьара иҭоурыхтәу ахҭыс ахьымҩаԥысыз – Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра.

Аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит иахьатәи аныҳәатә мшы аҽны аҵараиурҭақәа рыбжьара Аиқәшаҳаҭра абжьаҵара шьагәыҭс ишамоу ҳажәларқәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа .

Аиԥылара иазԥхьагәанаҭон аҵараиурҭақәа рыбжьара ганрацәалатәи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра. Уи аҳәаақәа ирҭакӡаны иалыршахоит:

Арҵаратә усхк аҟны - астудентцәеи, аспирантцәеи, адокторантцәеи реиҭныԥсахлара, уахь иаҵанкуеит астажировкеи, арҵаратә практикеи, адипломтә усумҭақәеи; арҵагатә-методикатә усумҭақәеи апланқәеи реимдаразы аҵараиурҭақәа рҟны апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи арҵаҩцәеи ааԥхьара рыҭара; аҭҵаарадырра-техникатәии, арҵага-методикатәии литературеи, апериодикатә кьыԥхьи реимдара; иреиҳау аҵараиурҭақәа жәларбжьаратәи рыҿиара ирыҵаркуа азҵаарақәа рзы аԥышәа еимдара; аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы аԥышәа.

Аҭҵаарадырратә усура аҟны - арҵаҩцәеи астудентцәеи рыбжьара аконференциақәеи асеминарқәеи реиҿкаара; аҵараиурҭақәа еицырзеиԥшу аҭҵаарадырратә докладқәеи, астатиақәеи, асимпозиумқәеи, аконференциақәеи реицымҩаԥгаразы аҭагылазаашьа аԥҵара; аҭҵаарадырратә докладқәеи, астатиқәеи, амонографиақәеи, асеминарқәеи, асимпозиумқәеи реицеиҿкаара; аусеицура алҵшәақәа рыла аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәеи аметодикатә материалқәеи ркьыԥхьра; аспирантцәеи аҭҵаарадырратә хьӡы аиура иашьҭоу аҵарауаа напхгара рыҭара; адиссертациақәа рыхьчаразы аҵараиурҭақәа рҵарауаа рхеилакқәа рабжьгара; аҭҵаарадырратә стажировкақәеи акурсқәеи рспециалистцәа рыквалификациа аизырҳара аиҿкаара уҳәа азҵаарақәа жәпакы.

Аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз ААУ аҵарауаа ргәаанагарала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Москватәи аҳәынҭқарратә акультура ауниверситети ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра алҵшәа бзиа аанар́́пшуеит арҵаҩцәеи астуденцәеи рзы.

Аиқәшаҳҭра анапы аҵаҩра ацеремониа анхыркәшаха ашьҭахь, ауниверситет ахьӡала асас ҳамҭас иҭан ААУ 85-шықәса ахыҵра аҳаҭыразы иҭыжьыз аиубилеитә араӡынтә ԥсари, аҵараиурҭа абуклети, Аԥсны аҭоурых иазку афотоальбоми.