Азҵаара рыҭара



ААУ аректор Алеко Гәарамиа Башкириатәи аҳәынҭқарратә университет Ҳаҭыр Зқәу адоктор ҳәа ахьӡ ианашьоуп

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә биуџьеттә иреиҳау арҵаратә усбарҭа «Башкириатәи аҳәынҭқарратә университет» Аҵарауаа Рхеилак Рықәҵарала ианашьоуп ҲАҬЫР ЗҚӘУ адоктор ҳәа ахьӡ.

Ҳаҭыр ду зқәу Алеко Алықьса-иԥа! Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, арҵаҩцәеи гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Башкириатәи аҳәынҭқарратә университет Ҳаҭыр Зқәу адоктор ҳәа ахьӡ шәанашьара. Ҳара ҳзы игәадуроуп шәара изныкымкәа ишәоухьоу ахьӡ дуқәа.

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, шәнапы злаку шәыпрофессионалтә ус аҟны аихьӡарақәеи иҿыцу аартрақәеи шәзыԥшызааит.

Ҳхәынҭқарреи ҳажәлари шьардаамҭа шәрыгымзааит!