Азҵаара рыҭара



ААУ азеиԥшнхарҭа астудентцәа Афон Ҿыц иаҭааит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭа иҩноу астудентцәа абҵарамза 13 азы Афон Ҿыц иаҭааит. Иазгәаҭатәуп аекскурсиа рхы шаладырхәыз азеиԥшнхарҭа иҩноу Ҭырқәтәылантәи арепатриантцәа. Астудентцәа ирбеит аҭыԥ ԥшӡарақәа: Афонҿыцтәи аҳаԥы, апарк, Анаҟәаԥиатәи абаа.

Азеиԥшнхарҭа анапхгареи астудентцәеи иҭабуп ҳәа рарҳәоит аекскурсиа аиҿкааразы ацхыраара рызҭаз зегьы: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анхамҩатә усқәа рзы апроректор Анзор Кортуа, Афонҿыцтәи аҳаԥы анапхгара.  Ҷыдала иҭабуп ҳәа рарҳәоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра астудентцәа равтобус амҩа иқәнаҵы иаԥырҵаз ашәарҭадаразы.