Иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогикеи апсихологиеи акафедра аиҳабы, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор-аб́жьгаҩ, Аԥсны Иреиҳау Ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, арҵага-методикатә шәҟәқәеи ахрестоматиақәеи равтор, хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә усумҭақәа ҭзыжьхьоу Шьурбеи Кадыр-иԥа Царгәыш.
Шьурбеи Кадыр-иԥа 60-шықәса инарзынаԥшуа аус иухьан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. 1968-1972 шш. апедагогикеи аԥсихологиеи акафедра арҵаҩыс, 1972-1973шш. латәарадатәи аҟәша адекан ихаҭыԥуаҩыс, 1974-1978шш. апедагогикеи аԥсихологиеи акафедра аиҳабыс, 1978-1984 шш. апедагогикеи аметодикеи акафедра (алагарҭатә ҵара) аиҳабыс, 1985-1993 шш. – аҽазыҟаҵаратә ҟәша деиҳабын. 2001 ш. аахыс иахьанӡа апедагогикеи аԥсихологиеи акафедра аиҳабыс.
Ари аамҭа иалакӡаны Шьурбеи Кадыр-иԥа еиҵеиааӡахьеит хыԥхьаӡара рацәала зыпрофессионалтә ҩаӡара ҳараку аспециалистцәа ҟазацәа. Напхгара риҭахьан адипломтә усумҭақәеи, акандидаттәии, адоктортәии диссертациақәа зыҩуаз. Аҵарауаҩ ирҵага-методикатә усумҭақәа арҵаҩцәеи астудентцәеи рзы хәы змам хархәагақәаны иҟоуп. Шьурбеи Царгәыш илагалеи иааԥсареи шьардоуп апедагогикатә ҭҵаарадырра аусхк аҟны.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи гәалсра дула ирыдышшылоит Шьурбеи Кадыр-иԥа иҭаацәеи, иуацәеи, иҭынхацәеи.
Зыпрофессионалтә ус зыԥсҭазаараз аҵарауаҩ, ауаҩы аамсҭашәа, хамеигӡарыла зҭакԥхықәра назыгӡоз Шьурбеи Кадыр-иԥа игәалашәара лаша наӡаӡа иаанхоит дыздыруаз зегьы ҳгәаҵаҟны бзанҵы.