Азҵаара рыҭара



ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа астудентцәа Жәларбжьаратәи рымш азы иҟаиҵаз адныҳәалара

Ҳаҭыр зқәу астудентцәа!

Ауаҩы иԥсҭазаараҿы астуденттә шықәсқәа ԥхьаӡоуп зегь реиҳа илашоу, аҿареи, ақәыԥшреи, агәыӷрақәеи зцу шықәсқәаны. Аҵараиурҭа аҟны ауп шәдунеихәаԥшышьа ахьышьақәгыло, иалышәхыз азанааҭ ауасхыр ахьышьҭаҵахо. Ари аамҭа иалакӡаны шәара ишәырҳауеит аҩызцәа, ақәлацәа, адырра ҿыцқәа рахь амҩа ылышәхуеит.

Шәара шәҵарадырра ҳара ҳзы даара ихадоуп, избанзар ҳмилаҭ уаҵәтәи аԥеиԥш знапы иану шәара шәоуп. Шәҵаратә шықәсқәа иргәылыжәгаз адыррақәа ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аҿиара аус аҿы иуасхырны иҟалоит. Аҵареи, аҭҵаареи, арҿиареи, аспорти рҟны шәеихьӡарақәеи шәиааирақәеи ҳара ҳзы игәадуроуп, урҭ зегьы хҵараиурҭа ахьӡ шьҭнахуеит, ҳмилаҭтә наука арбеиауеит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор-рҵаҩаратә еилазаареи арҵаҩцәеи рыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит илахҿыху аныҳәа - астудентцәа Жәларбжьаратәи шәымш. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҵареи аҭҵаареи рус аҟны аартра ҿыцқәеи аихьӡарақәеи. Шәахьыҟазаалакгьы аманшәалареи ақәҿиарақәеи шәыгымзааит!