Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит урыстәылатәи ажурналист, ателехәаԥшра аҟны адырраҭарақәа рымҩаԥгаҩ, Урыстәылатәи ателехәаԥшра Академиа алахәыла, аиҿагыларақәа ахьымҩаԥысуа атәылақәа рҟны адокументалтә фильмқәеи арепортажқәеи ҭызхуа Антон Степаненко иԥылара.
Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи жәларбжьаратәи амедиаклуб "Формат А3". Иазгәаҭатәуп, урҭ изныкымкәа Аԥсныҟа ишаарыԥхьахоу зыхьӡ нагоу аполитикцәеи, ажурналистцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи.
Антон Степаненко - "23:00 сааҭ азы ицо Ажәабжьқәа" рымҩаԥгаҩ, ателеканал "Урыстәыла-24" ажәабжьқәа рҭыжьымҭа амҩаԥгаҩ, Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшреи арадиои ркомпаниа (ВГТРК) акорреспондент. "Агәымшәарази" "Хаҭалатәи агәымшәара азы" аорденқәа занашьоу журналиступ.
Степаненко ишәарҭоу аибашьратә ҭыԥқәа рҟны ижурналисттә уалԥшьа наигӡон: Иугославиа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Чечниа, Ирак, Судан, Атәыла Чад, Таджикистан, Афганистан, Беирут. Ахҳәаа ҟаиҵон ареволиуциақәеи аидысларақәеи ахьымҩаԥысуаз атәылақәа рҟны.
Аус иуан Дубровка атеррористтә акт анымҩаԥысуаз аамҭазы, Беслан атерракт иазкыз арепортажқәа аҭыԥан иазирхион.
Антон Степанекеи астудентцәеи еиԥылаанӡа, ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа дидикылеит. Уи ажурналист изеиҭеиҳәеит аҵараиурҭа имариамыз аамҭа ишагәылиааз. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1992) ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан а́университет аҿиараҿы рлагалеи рыцхыраареи шмаҷым Урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аҵараиурҭақәа. Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа дрыхцәажәауа, иазгәеиҭеит ААУ астудентцәа изныкымкәа аԥышәа еимдаразы егьырҭ аҵараиурҭақәа рахь ишцахьоу.
Алеко Гәарамиа иҳәеит иара изын ишгәахәуа дуу апроект имҩаԥнаго аумҩаԥгатәқәа. Иазгәеиҭеит, Степаненко еиԥш иҟоу ажурналистцәа шфырхацәоу, урҭ рыԥсҭазаара ашәа́рҭа ишҭагылоугьы ржурналисттә уалԥшьа гәымшәарыда ишынарыгӡауа. Ас еиԥш иҟоу зыхьӡ нагоу, зыԥсы ҭины змаҵзура назыгӡо ажурналистцәа, ААУ ажурналистика ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа рзы ишҿырԥшыгоу.
Амедиаклуб «Формат А3» анапхгаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз ажурналист Галина Сапожникова, лажәақәа рҿы иазгәалҭеит 12 шықәса инарзынаԥшуа апроект аҳәаақәа ирҭакӡаны зыхьӡ нагоу ауаа ауниверситетқәа рахь ишаарыԥхьахьоу. Убри аамҭа иалакӡаны илымоу аԥышәа лхы иархәаны иазгәалҭеит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа реиԥш адырра иазгәыкуа астудентцәа џьаргьы ишылԥымлац. Уи арҵабыргуеит ААУ аҟны алекциақәа ирыԥхьахьоу аҵарауаа ражәақәа. Сапожнткова лажәа хыркәшауа иазгәалҭеит сынтәатәи ашықәс иалакӡаны ААУ ахь иаараны ишыҟоу аҵарауаа аӡәырҩы.
ААУ аҵараус азы апроректор Виқтор Маланӡиа иҭабуп ҳәа леиҳәеит амедиаклуб анапхгаҩы Галина Сапожникова ААУ астудентцәа рыҩаӡара ахә ҳаракны иахьылшьаз азы.
ААУ аректор Алеко Гәарамиеи асасцәеи реиԥылара ашьҭахь, Антон Степаненко ААУ астудентцәа идирбеит «Цхинвал ахәрақәа» захьӡыз Алада Уаԥстәыла ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа анақәлаз аибашьра хлымӡаах иазку адокументалтә фильм.
Антон Степаненко ААУ ажурналистика ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит аибашьра ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҟны ажурналист иусура аспецифика атәы.
Аибашьратә журналист гәыла дазыҟаҵазароуп ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа рҟны аусура, насгьы, «Ҳара иаадыруеит ҳахьцо аҭыԥ ауадаҩра шацу. Ҳара ҳаибашьыҩцәам, ҳзанааҭтә ус зыдҳәалоу арҿиара ауп, исызҳәом аибашьра ауаҩы далашьццылоит ҳәа, аха уи иацу ашәара даҽакала уахәаԥшуа уалагоит аамҭа цацыԥхьаӡа ҳәа азгәеиҭеит ажурналист. Насгьы ажурналист иҭакԥхықәроуп ауаа ииашоу аинформациа рызнагара, убарҭкәа зегьы ашәара дырԥсыҽуеит», - иҳәеит Степаненко. Ажурналисти аԥхьаҩи рус зырманшәало акакәны дахцәажәеит аинформациа аҩра аҟны армариара, атекст шаҟа имарианы иҩу аҟара еиҳа еиӷьуп агәынкылареи аилкаареи иҳәеит иара.
Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы, ААУ апрофессор Гәырам Амқәаб. Апрофессор Гәырам Артиом-иԥа астудентцәа азхьаирԥшит хшыҩзышьҭра зҭатәу азҵаарақәа. Адокументалтә фильм аҟнытә астуденцәа рзы иааигеит аҿырԥштәқәа, ажурналист иҟазара еиҳарак иахьаныԥшуа аҭыԥқәа. Иазгәеиҭеит, Степанеко ифильм ала ишилшаз аибашьра аанкылара шаҭаху аарԥшра. Антон Степанеко еиԥш иҟоу ажурналистцәа ирыбзоуроп Цхинвал ахақәиҭтәра ҳәа азгәеиҭеит Гәырам Амқәаб.
ААУ апрофессор, аибашьратә журналист Екатерина Бебиа 29 шықәса раԥхьа операторреи ажурналистреи еилазыгӡоз лара хаҭала илызгәакьоу лзанааҭ ахырхарҭала лколлега иҿцәажәара аинтерес ду лзаҵан.
Аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа ажурналист ииҭаз азҵаара аҟны иҳәеит Степанеко ижурналисттә ҩаӡара инаваргыланы ифильм ишанубаалоз аҭоурыхҭҵааҩ идокументалтә хронологиа.
Анаҩс, ажурналист Антон Степаненко иазԥхьагәаҭарала астудентцәа ирыман аҭагылазаашьа асас иахь азҵаараҭара.
Аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз «Абаза-ТВ» адиректор хада Руслан Ҳашыг ажурналистцәа ирабжьигеит аинформациа иаҵаҵәаху агәылырҭәаара шаҭаху, убри азын раԥхьаӡа иргыланы ажурналист ихаҭа игәацԥыҳәареи иааирԥшуа аинтереси шхадароу.
ААУ анапхагара иҭабуп ҳәа рарҳәеит амедиаклуб апрокет ахаҭарнакцәа инарыгӡо рус азы.