Азҵаара рыҭара



Иԥсҭазаара далҵит Патико Баграт-иԥа Алан

Иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, аҵарауаҩ-агроном, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны ақыҭанхамҩатә ааглыхреи, аҵареи, аҭҵаареи зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Кавази аҳәаанырцәтәии атәылақәеи рҟны амилаҭтә медицинақәа Ракадемиа академик, Урыстәылатәи Аҵарадырраҟны иреиҳау аквалификациатә категориа змоу аспециалист, Урыстәылатәи Афедерациа аменеџьмент аусхк аҟны зҩаӡара ҳараку асертификат змоу, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, X и XI асоветтә хәышықәса азы асоциалисттә еицлабрақәа рҟны аиааира згахьоу, Асовет Еидгыла аџьа аветеран, хыԥхьаӡара рацәала аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедальқәеи, аҳәынҭқарратә џьшьарақәеи   занашьоу Патико Баграт-иԥа Алан.

Патико Баграт-иԥа Аԥсны а́қыҭанхамҩатәии агроинџьныртәии ҭҵаарадыррақәа рҟны илагалеи иааԥсареи маҷым. 1967-1969шш. рзы Асовет Еидгыла аҟны голландиатәи аконструкциа ашьаҭала раԥхьаӡатәи Аексперименталтә теплицатә комбинат (Очамчыратәи араион Ахәреи ақыҭа) аргылара директорс даман. Иаԥиҵеит, директор хадасгьы даман Аԥсы Аҭҵаарадырра-аарыхратә субтропикатә культурақәа рхеидкыла. 1981-1986 шш. рзы Аԥсны агроном хадас аус иуан. 1994-1997 шш., ААУ аҟны иаԥиҵеит напхгарагьы аиҭеит «Агрономиа» акафедра.

Патико Баграт-иԥа инапхгарала Аԥсны иаԥҵан еиуеиԥшым аграаглыхратә- ҭҵаарадырратәии, арҵаратәии усбарҭақәа, урҭ иреуоуп Аԥснытәи атоксикологиатә лабораториа, Аԥснытәи ачаии асубтропикатәи культурақәеи рыҭҵаарадырратә-ааглыхратә лабораториа, Урыстәылатәии Аԥснытәии ааглыхратә рҵаратә усбарҭа – Новочеркассктәи аҳәынҭқарратә усбарҭа, Аԥснытәи аҭҵаарадырратә ааглыхратә институт. Еиуеиԥшым аамҭақәа раан аҵарауҩ аус ахьиуаз аҭы́ԥқәеи амаҵурақәеи рҟны иалеигалахьан иагьазирхиахьан еиуеиԥшым ақыҭанхамҩаҟны рхы иадырхәо атехнологиақәа. Иҭиҵаахьан 100 инареиҳаны ахимиатә маҭәашьарқәа реиԥшьшьа. Патико Баграт-иԥа иҭҵааратә рҿиара Аԥсны ақыҭанхамҩа иашьагәыҭуп, гәыҩбарадагьы иаҳҳәарц ҳалшоит аҵарауаҩ ҳмилаҭтә қыҭанхамҩа дшапатриарху.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан (1992-1993шш.) Патико Баграт-иԥа хамеигӡарада иԥсадгьыл ахьчаразы дгылеит.

Аҵарауаҩ дравторуп 100 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ еиҭагоуп англызи анемец бызшәақәа рахь.

ААУ аҟны Патико Баграт-иԥа иазыҟаиҵахьеит хәҩык ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадырратә кандидатцәа, урҭ қәҿиарала ирыхьчеит еиуеиԥшым атәылаҿацәқәа рҟны адоктортә диссертациақәа, хыԥхьаӡара рацәала еиҿикаахьеит аконференциақәа, дравторуп астудентцәа рзы арҵага-методикатә хархәагақәа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи гәалсра дула ирыдышшыллоит Патико Баграт-иԥа иҭаацәеи, иуацәеи, иҭынхацәеи. Уи игәалашәара лаша дыздыруаз зегьы ҳгәаҵаҿы еснагь инхоит.