Азҵаара рыҭара



ААУ аректор Алеко Гәарамиа дидикылеит зыхьӡ нагоу аполитолог Руслан Курбанов

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиеи  аполитолог, Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ажәларқәа рызҵаарақәа аӡбаразы аспециалист Руслан Курбанови реиԥылара. Амрагылараҭҵааҩ Курбанов адунеи дадыруеит иналукааша иҭҵаарадырратә усумҭақәа рыла.  Ауаажәларратәи аҭҵаарадырратәи усура инаваргыланы, напхгара аиҭоит аинновациатә технолгиақәа раларҵәаразы ацхыраара ҟазҵо Афонд.

ААУ аректор, асас иааркьаҿны изеиҭеиҳәеит аҵариаурҭа аҭоурыхи изнысхьоу амҩеи ртәы. Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит мызқәак раԥхьа аҵараиурҭа ишаҭааз зыхьӡ нагоу Урыстәылатәи аҵарауаа-аполитологцәа, ажурналистцәа, урҭ астудентцәа рԥышәа аизырҳаразы ишымҩаԥыргаз алекциақәеи амастер-классқәеи. Инаҵшьны иазгәеиҭеит апандемиа аамҭазы аҵараиурҭа аусура еиԥҟьарада ишацнаҵоз, уи аԥҵаразы рлагала шмаҷмыз ААУ аҟны иаԥҵоу аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедра аусзуҩцәа. Аҵараиурҭа иамоу жәларбжьаратәи аимадарақәа ртәы дахцәажәауа, академик Гәарамиа иҳәеит ААУ анапхгара еснагь ишашьҭоу Урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аҵарауаа рлекциақәа азыӡырҩразы астудентцәа аҭагылазаашьа рзаԥҵара. Аректор Алеко Гәарамиа иҳәеит иахьатәи амш аҵараиурҭазы ишлахьеиқәҵаратә мшу - 60 шықәса инареиҳаны ААУ аҟны аус зуаз аҵарауаҩ ду, апрофессор Шоҭа Салаҟаиа аҵыхәтәантәи имҩахь дшынаскьарго.

Аполитолог Руслан Курбанов дазааҭгылеит иара хаҭала ишизааигәоу ауниверситет, избанзар шықәсырацәала еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҟны алекциақәа дрыԥхьахьеит.  Амрагылараҭҵааҩ Курбанов еиуеиԥшым аамҭақәа рзы хкы рацәала амаҵурақәа рҟны аус иухьеит. Лымкаала хшыҩзышьҭра зиҭо азҵаарақәа иреиуоуп Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ажәларқәа адунеи аӡыблара раламырӡра ауп. Иазгәеиҭеит аԥсуа милаҭи Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ажәларқәеи рбызшәақәа шеиԥшымгьы культуралеи, ҵаслеи, доуҳалеи ишаӡәку.

Аиԥылара аофициалтә ҟәша ахыркәшамҭаз ААУ аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаиа ауниверситет ахьӡала асас илҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа. ААУ аҭҵаараус азы апроректор Џьулетта Адлеиба асас ҳамҭас илҭеит лхатәы еиҭагамҭа, иԥшьоу ашәҟәы "Аҟуран".

Анаҩс Руслан Курбанов ААУ астудентцәа рзы «Кавказтәи ажәларқәа аглобализациа аамҭазы ркультуреи рхаҿреи аиқәырхара» захьӡу алекциа даԥхьеит. 

Аҵарауаҩ илекциа аҟны иазԥхьагәаҭан астудентцәеи иареи реиҿцәажәара, алекциа аҳәаақәа ирҭакӡаны астудентцәа ирыман аҭагылазаашьа асас иахь азҵаараҭара.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ аҵара аус азы апроректор Виқтор Маланӡиа, ААУ аҭҵаара ус азы апроректор Џьулетта Адлеиба, ААУ аҿар рполика азы апроректор Медеиа Чегиа, ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа, ауаажәларратә усзуҩы Леуан Миқаа, "Аԥсны Хабар" иутуб аканал ахада  Леуан Лагәлаа,  Иаку Аԥсны  аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара аусбарҭа ахада амуфти Салих Кәарацхьелиа.