Азҵаара рыҭара



Иԥсҭазаара далҵит Шоҭа Салаҟаиа

Иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, афилологиатә тҵаарадыррақәа рдоктор, раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә фольклорҭҵааҩ, алитератураҭҵааҩ, Адыгатәи жәларбжьаратә академиеи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи ракадемик, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, Д.И.Гәлиеи Гь.А.Ӡиӡариеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, Аԥсны аҭҵаарадырреи акультуреи зҽаԥсазтәыз русзуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу Шоҭа Хьыҷ-иԥа Салаҟаиа.

Шоҭа Хьыҷ-иԥа илагала шьардан ҳаԥсуа ҭҵаарадырреи, ҳкультуреи, ҳлитературеи рҭоурых аҟны, уи 200 инарзынаԥшуа иҭҵараатә усумҭақәа ҳмилаҭтә ҭҵаарадырра ҵәатәы шьаҟаны иаҵагылоуп.

Зыхьӡ нагоу аҵарауаҩ Шоҭа Хьыҷ-иԥа иааԥсара рацәан аҿар реиҵааӡара аус аҟны. 1960-тәи ашықәсқәа раахыс аус иуан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институти, анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети рҟны рҵаҩыс. Аԥсуа литература акафедраҿы дрыԥхьон азанааҭ ҷыдақәа. Урҭ иреиуоуп: «Аԥсуа фырхаҵаратә епос», «Нарҭаа репос», «Аԥсуаа рфольклор», «Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рлитература». Авторс дрымоуп афольклор иазку астудентцәа рзы арҵагатә программақәеи арҵага-хрестоматиақәеи.

Абиԥара рацәала иазыҟаиҵахьан афольклорҭҵааҩцәеи алитератураҭҵааҩцәеи. Инапхгарала аӡәырҩы акандидаттәии адоктортәии диссертациақәа рыхьчахьан.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи гәалсра дула ирыдышшылоит Шоҭа Хьыҷ-иԥа иҭаацәеи, иуацәеи, иҭынхацәеи.

Арҵаҩ ду, аҵарауаҩ, ауаҩы аамысҭашәа игәалашәара лаша наӡаӡа дыздыруаз зегьы ҳгәаҵаҿы иаанхоит.