Азҵаара рыҭара



Ҭеимураз Али-иԥа Ачыгәба – 75 шықәса

Иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы иахьа 75 шықәса ихыҵуан аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аетнолог, апрофессор, академик, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, ауаажәларра-политикатә усзуҩы, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәыла, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа р-Академиа алахәыла-корреспондент, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Ҭеимураз Али-иԥа Ачыгәба.

Ҭеимураз Ачыгәба ҷыдала инапы алакын аԥсуаа рхылҵшьҭрақəа ахьынтəааз, ишыҿиаз аҭҵаараус. Иусумҭақәа инарылукаауа иҟоуп Аԥсны аҭыԥ змаз аетникатә еиҭакрақәа зегьы инарҵауланы иаазырԥшуа амонографиа "XIX-XX ашәышықәсақәа раан аԥсуаа ретникатә ҭоурых".

Аҵарауаҩ инапы иҵижьхьан 80 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, 20 шәҟәы дравторын, Аԥсны аетнографиеи аҭоурыхи ирызку 100 инареиҳаны истатиақәа агазеҭқәа ирнылахьан. Иҭҵаарадырратә усумҭақәа аԥсуа ҭоурых иаҿахәҳәаган.

 

Гәыҵхас имаз иреиуоуп амҳаџьырра атема азҵаара, избанзар, иара хаҭала арепатриант истатус змаз иакəын, акыр иҭиҵаахьан ари аус. Раԥхьа аус иуан Баҭым, нас уантə иҭаацəа иманы Аԥсныҟа дааит.

Ҭеимураз Ачыгәба, Аԥсны аамҭа уадаҩ ианҭагылаз инаркны илша акырӡа ирацəан, Аԥсны Жəлар рфорум "Аидгылара" ашьақəгылара ахыҵхырҭаҿы дгылан, Аԥсны Жәлар Реизара актəи, аҩбатəи ааԥхьарақəа рҿы депутатс дыҟан.

Аҵарауаҩ иааԥсара рацәан аҿар реиҵааӡара аус аҿы, акандидаттə диссертациақəеи адипломтә усумҭақәеи зыҩуаз напхгара риҭон.

Ҭеимураз Али-иԥа Ачыгәба иҭиҵаауан аԥсуа ҭаацәара, ауаажәларра рыбзазара, аетнодемографиатәи, аетнокультуратәи, аетнополитикатәи процессқәа, ақырҭуа-аԥсуа еимакы.

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра (1992-1993) ашықәсқәа рзы Гəдоуҭа иҟаз аинформациатə центр аҟны аус иуан. Аӷа қырҭшәала ииҩуаз зегьы еиҭаганы Аԥсны анапхгара идирдыруан, Қарҭынтəи иаауаз аԥсуаа ирыдҳəалаз ииашамыз аинформациа даҿагыланы аҭакқəа ҟаиҵон.

Зыԥсадгьыл аҭоурых аиашара иазықəԥоз, зыжəлар рхьаа зхьааз, рҿахəы зҳəоз аҵарауаҩ Ҭеимураз Ачыгəба игəалашəара лаша наунагӡа ҳгəаҿы иаанхоит.