Азҵаара рыҭара



Алаҳәара

Октиабр 29, 2021ш., асааҭ 13:00 азы XX-тәи  ашәышықәса аполитикатә репрессиа агәалашәара амш иазку, апрофессор Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа лмонографиа ҿыц "Харада ахара зду" (Краснодар, 2021),   шьаҭас измоу анаукатә конференциа "Ахлымӡаах афакт ҵабыргқәа" мҩаԥысуеит аинформациатә агенства "Sputnik  Абхазия" аконференц-зал аҟны.

Аконференциа ахықәкы

Ажәахәқәеи ақәгыларақәеи рҟны ирзааҭгылахоит апрофессор Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа 40 шықәса раахыс аус здылуло атематика аҭҵаарадырратә хырхарҭа, Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы аҵаки аҭыԥи, ҷыдала дыззаҭгылоу апериод ахьынӡагәылҭәаау, ахлымӡаах афакт ҵабыргқәа ахьынӡашьақәырӷәӷәо, қыҭак аҿахәы ахьынӡаҳәо. Иалкаахоит аҵарауаҩ илықәманшәалахаз ахырхарҭақәа, иагхаз,  излахарҭәаатәыз. Иара убас ахәшьара рыҭахоит автор иҟалҵо алкаақәа, анализ. Иазгәаҭахоит архив ахархәашьа, агәалашәарақәа рҭыԥ атемаҿ ицәыргоу афактқәа риашара арҵабыргразы. Иара убас иазааҭгылахоит аҵарауаҩ Е.Гь. Бебиа ишьҭыху атемала анаҩстәи лыҭҵааратә усура ахырхарҭа, лхықәкы, лусура аҿиашьа, аиҿкаашьа, аиқәҳәалашьа, ахыркәшашьа уҳәа убас иҵегьы.