Азҵаара рыҭара



Аԥсны Аҳәынҭқарра иацәыӡыз адокументалтә ҭынха ашьақәыргылареи аиҭашьақәыргылареи.

Жәларбжьаратәи аҭоурыхтә проект "Аҭоурыхи архьиви: аҳәынҭқаррабжьаратә шәагақәа" захьӡу апроект аҳәаақәа ирҭакӡаны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит аҭоурыхҭҵааҩ-архьивист, аҳәынҭқарратә политикаҟны адокументалтә ҭынха ахьчаразы аспециалист Милана Геннади-иԥҳа Бжьаниа иаарту ллекциа.

Алекциа атема: "Аԥсны Аҳәынҭқарра иацәыӡыз адокументалтә ҭынха ашьақәыргылареи аиҭашьақәыргылареи".

Аиԥылара аартуа аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа еизаз иргәалаиршәеит, 29 шықәса раԥхьаҟа 1992 ш., ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ишырблыз Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститути Аԥсны Аҳәынҭқарратә архьиви.   Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рхыҵхырҭақәа ртәы зҳәоз иуникалтәу адокументқәа иузнырхымҳәауа иӡит. «Аӷацәа ирдыруан архьив абылра ишашьҭанеиуа аҭоурых ахашҭреи, шьаҭанкыла ацәыӡреи ртәы, аха Анцәа ибзоурала еиқәхеит ҳҭоурых».

Архьивҭҵааҩ Милана Бжьаниа ллекциа аҟны дазааҭгылеит амилаҭтә ҳәынҭқарра аиҿкаараҟны ишхымԥадатәиу амилаҭ рҭоурых агәалашәара, уи ашьақәыргылараҟны хра злоу аҭыԥ шааннакыло аҭоурыхтә-документалтә ҭынха. «Архьивтә документқәа роуп иалзыршо аҭоурых шьҭахьҟа агәылаԥшреи ҳаамҭазы амилаҭ рдоуҳатәии, рҭоурыхтә-культуратәии еибаркыра агәылырҭәаара», - ҳәа азгәалҭеит ажәахәҟаҵаҩ.

Анаҩс Милана Бжьаниа ллекциа аусура иацылҵеит астудентцәеи лареи реиҿцәажәарала. Аинтерактивтә хәҭа рхы аладырхәыит ААУ аҭоурыхтә факультет «архьивдырра» азанааҭ иахысхьоу астудентцәа. Иазгәаҭатәуп зыӡбахә ҳамоу астудентцәа алекциақәа раан идырҳаз атеориа практикала ишышьақәдырӷәӷәахьоу аԥсуа архьив аҟны. Архьивист иаарту ллекциа аҟны астудентцәа азхьалырԥшит еиуеиԥшым асаитқәа иргәылоу архьивтә материалқәа, инаҵшьны иазгәалҭеит аҭоурыхҭҵааҩ иҭҵааратә усура архьивтә материалда ишбжамҽамхо.

Аусмҩаԥгатә хыркәшо ААУ аҿар рполитика аус азы апроректор Медеа Чегиа, ААУ анапхгара рыхьӡала иҭабуп ҳәа лал́ҳәеит Милана Бжьаниа. «Иҳаҩсыз уагәыламԥшыкәа, иҭымҵаакәа, иузеилкаауам иахьатәи аамҭа. Астудентцәа, аспирантцәа аҭҵаара знапы алаку зегьы шәхы иашәырхәа Аԥсны анҭыҵ еиқәханы иҟоу ҳтәыла аҭоурых аазырԥшуа архьивтә материалқәа. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ауниверситет иаԥнаҵоит, хаҭала ААУ аректор Алеко Гәарамиа еснагь дадгылоит дагьацхраауеит ас еиԥш иҟоу аԥшьгара», - азгәалҭеит апроректор.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәыит ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа, ААУ аҿар рполитика аус азы апроректор Медеа Чегиа, ААУ аҭоурыхтә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ Виктор Аҩӡба, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа, Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра арҵаҩы еиҳабы Џьамбул Инџьгиа, астудентцәа.