Азҵаара рыҭара



105 шықәса ҵит аҵарауаҩ Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа диижьҭеи.

Жьҭаарамза 20, 1916 шықәсазы диит аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф-кавказҭҵааҩ, афольклорист, алитературадырыҩ, алитературатә критик, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ҳаҭыр зқәу Адыгатә (Черкессктә) Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Асовет Еидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи Реидгылақәа рлахәыла Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа.

Ихәыҷратә шықәсқәа раахыс имариамыз амҩа данысит аҵарауаҩ: фы-шықәса шихыҵуаз иаб дыԥсит, Сталин ирепрессиақәа раан Инал-Иԥа рҭаацәара агәаҟрақәа ирықәдыршәеит, ҩыџьа иашьцәа «троцкистцәоуп» ҳәа лахь рыҭаны идырӡит, 1936 ш. лыԥсҭазаара далҵит иан. Шьалуа Денис-́иԥа иҵаратә шықәсқәа раан аҟыбаҩ ҷыда шилазгьы «жәлар раӷа» диашьоуп ҳәа лааԥшыра ирҭомызт.

Аҭҵаарадырратә усура далагеит аспирантура ашықәсқәа раан. Раԥхьатәи ҭҵаарадырратә темас ишьҭихит аԥсуаа рҟны аҭаацәаратә институт традициала аиҿкаашьа. Шьалуа Инал-Иԥа қәҿиарала еилеигӡон аҭҵаарадырреи, арҵаҩреи, Аԥсны Аҳәынҭқарратә музеи аҟны аусуреи.

Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рахь аекспедициақәа мҩаԥго аҵарауаҩ иҭиҵаауан аԥсуа нарҭҭә епос аҳәамҭақәеи, Аԥсны атопонимқәеи. Иҭҵаарадырратә интересқәа еиҳарак ирызкын аетногенез (ажәлар рхылҵшьҭра азҵаарақәеи, аԥсуа жәлар ретникатә ҭоурыхи). Ҷыдала азҿлымҳара аиҭон аԥсуааи урҭ рыиашьара жәларқәеи – ашәыуааи, адыгааи, иара убас аубыхқәеи – дара рыбжьара иҟаз аҭоурыхтә еимадарақәа зеиԥшрази аилкаара.

Аҵарауаҩ хықәкыла дыззаҭгылоз азҵаарақәа иреиуоуп аԥсуа бызшәа аҭҵаара. Илшамҭақәа рацәоуп аҭоурыхи, алитературеи, аетнографиеи, афольклори рҟны. Аԥсуа милаҭтә культура аҿиара аҟны Шьалуа Инал-Иԥа иџьабаа шьардоуп. Аҵарауаҩ ду иаҳзаанижьыз аҭынха амҽхак даара иҭбаауп, иагьцхыраагӡоуп ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырраҟны.