Азҵаара рыҭара



ААУ акоманда шәачатәи ачемпионат аҟны аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит


Жьҭаарамза 17 азы имҩаԥысит шәачатәи ачемпионат аҟны ахыркәшаратә «ахьтәы хәмарра». Ахәмарра аҟны еиқәшәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет акомандеи шәачатәи «Лиони».

Арҭ аҩ-командак аԥхьатәи атурнир аҟны шьахәла ахәмарра мҩаԥыргахьан.

ААУ акоманда зегь реиҳа амбахь ампыл ҭазыршәуаз командоуп ҳәа иԥхьаӡоуп (бжьаратәла 3,3 мпыл амбахь иҭадыршәуан ахәмарыҩцәа), шәачатәи «Лион» (1,1 мпыл бжьаратәла иреиҩрыжьуан). Аҩ-командак 13 хәмарра рхы рыладырхәыит, урҭ рахьтә 10 - 10 иааира ргахьеит.

Раԥхьатәи аматч аҟны «Лиони» ААУ акомандеи реицыхәмарраҟны «Лион» 3:1 ҳәа аиааира ргеит, убри алагьы, ахәмарра еиҭахарала ахыркәшара - «Лион» акоманда ахәмарыҩцәа чемпионхар алшон. ААУ акоманда азы аиааира агара ԥсыхәа амамкәа иҟан

Шәачатәи «Лион» акоманда рыцыхәмарра шымариамхоз рдыруан Ҭамаз Бжьаниа иааӡамҭацәа.

Аханатә аиԥылара алагеит зыҩаӡара ҳаракәу ахәмарра ала, аҩ-командакгьы аҟазара аадырԥшит, иумбарц залшомызт аиааира ишазықәԥоз.

Ахԥатәи аминуҭ азы раԥхьатәи ампыл амбахь иҭаиршәит «Лион» акоманда ахәмарҩы.

Актәи атаим аҟны ААУ команда ахәмарыҩцәа иаԥырҵеит имаҷымкәа аиааиратә ҭагылазаашьақәа, аха анагӡара уадаҩхеит.

Аԥсшьарахь ицеит акомандақәа 2:0 ҳәа.

Аҩбатәи атаим аицлабра ду ацын, имаҷмызт аидысларақәа. Ахәмарра хыркәшахеит 7:0 ҳәа.

Иазгәаҭатәуп акоманда «Лион» аҟны дшыхәмаруаз аҟәатәи «Динамо» иааӡамҭоу Ален Наҷҟьебиа.