Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны имҩаҧысит аҵарауаҩ Куадрадо илекциа

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәыит ААУ аҿар рполитика азы апроректор Медеиа Чегиа, ААУ аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьиа, ААУ аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи акафедра адоцент Саида Возба, Еиду амилаҭқәа рхеилак (ПРООН) апрограмма аменеџьер Рафис Абазов, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи, аекономикатәи афилологиатәи факультетқәа  рҟны аҵара зҵо астудентцәа.

Аҵарауаҩ Куадрадо напхгара зиҭо аусмҩаԥгатәқәа рхықәкы хадақәа иреиуоуп атәылақәа рыбжьара аԥышәаеимдареи жәларбжьаратәи аусеицуразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәеи раԥҵара.

Куадрадо иқәгылара аҟны астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит аккредитациа закәу, иара убас, уи иацааиуа асистемақәа: адунеизегьтәи аккредитациа аглобалтә знеишьа; аҳәынҭқарратә аккредитациа; апрофессионалтә-ауаажәларратә аккредитациа.

Алекциа аҳәаақәа ирҭакӡаны, астудентцәа рзанааҭ иадҳәалаз азҵаарақәа ирҭон асас.  Аҵарауаҩгьы ихәҭаахь,  астудентцәа азҵаарақәа риҭон . Иазгәаҭатәуп, сааҭк иназынаԥшуа ицоз алекциа англыз бызшәала ишымҩаҧгаз.