Азҵаара рыҭара



ААУ аҭоурыхтә факультет аҟны имҩаԥысит адиссертациатә усумҭақәа рылацәажәара

ААУ аҭоурыхтә факультет Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи аетнологиеи ркафедреи, Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рҭоурых акафедреи аҟны аилатәара мҩаԥган.
Амшхәаԥштә акандидаттә диссертациақәа хҧа рылацәажәара:
  • Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи аетнологиеи акафедра арҵаҩы еиҳабы - Џь.Џь. Инџьгиа;
  • Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи аетнологиеи ркафедра арҵаҩы- А.С. Габелаиа ;
  • Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рҭоурых арҵаҩы -И.В.Агрба.
Аилатәара иалахәын аҭоурыхҭҵааҩцәа, археологцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессорцәа, адоцентцәа, аспирантцәа.

Аилацәажәараҿы ицәыргаз аҭҵаарадырратә усумҭақәа ирымҽхаркит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны иҟаз аполитикатә, асоциалтә, аекономикатә ҭагылазаашьақәа аазырԥшуа атемақәа, урҭ иишаны рызнеишьеи рыпроблематә зҵаарақәеи рыҭҵаара.
Адиссертантцәа рықәгылараҟны инарҭбааны русумҭақәа ирыхцәажәеит, азыӡырҩцәа ирызцәырҵаз азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит. Акафедрақәа реилатәара ахыркәшамҭаз, урҭ русзуҩцәа еицҿакны ах-усумҭак анаҩстәи ахьчараз ишазыхиоу азгәарҭеит.