Азҵаара рыҭара



Аҭоурыхтә факультет астудентцәа рықәҿиара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультьет амагистратура актәи ашықәс аҵара зҵо астудентцәа рхы аладырхәыит "Дара ирыхьчеит Кавказ" ҳәа хыс измаз жәларбжьаратәи аҿар рмедиа проект. Амедиа проект аусура мҩаԥысуан рашәарамза 15 инаркны цәыббрамза 25-нӡа.

Апроект мҩаԥган Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аҵарауаа раԥшьгарала. Уи хықәкыс иаман Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Кавказ ахьчаразы (1942- 1943 шықәсқәа раан) уи иқәнхоз ажәларқәа рҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара.

Амедиа проект еихшан х-хәҭакны: 1) ирыдыркылон Кавказ ахьчара зхы алазырхәыз аибашьцәа рфотоқәа - архивтә, аҭаацәатә; 2) "Ашьхақәа урылсны Аиааира Ду ахь" захьӡыз аҟны аибашьцәа ирызку 1942 шықәса аахижьҭеи 2021 шықәсанӡа акьыԥхь ианылахьоу анҵамҭақәа рыхкьыԥхьаа; 3) аҭоурыхтә-фырхаҵаратә дҵа "Дара ирыхьчеит Кавказ" аҟны аконкурстә шьаҭала иалырхуан астудентцәа иаздырхиаз авидеоролик.

Рашәарамзазы зусура иалагаз жәларбжьратәи аҿар рмедиа проект алҵшәақәа цәырган жьҭаарамза 8 Пиатегорск имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыра-практикатә Форум аҟны. Аҭоурыхтә факультет амагистрантцәа Иана Еныкь, Ека Берулаа, Надежда Климова рыла еиҿкааз акоманда қәҿиарала 2-тәи аҭыԥ ааннакылеит.