Азҵаара рыҭара



́́ААУ акоманда аиааира ргеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыл азы акоманда шәачатәи ачемпионат аҩбатәи атур аҟны «Аланиеи» дареи реицыхәмарраҿы аиааира ргеит.

Жьҭаарамза 10 азы Мацеста имҩаԥысуаз ахәмарра хыркәшахеит ААУ акоманда 1:0 ҳәа риааирала. Аиааиратә мпыл амбахь и́ҭаиршәит Михаил Қәҭелиа.

Иазгәаҭатәуп ААУ акоманда ахәмарыҩцәа хыԥхьаӡарала реиҳа ишмаҷыз изыцасуаз акоманда раасҭа.