Азҵаара рыҭара



Адныҳәалара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи ииубилеи идырныҳәалоит аҵарауаҩ-археолог, ААУ аҭоурыхтә факультет Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи  аетнологиеи ркафедра арҵаҩы, Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә баҟақәеи рыхьчаразы аминистр ихаҭыԥуаҩы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шш.) аветеран, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы Гарик Анатоли-иԥа Сангәлиа.

Ҳаҭыр зқәу Гарик Анатоли-иԥа!

Шәара шәрылахәын Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟны имҩаԥысуаз археологиатә ҭҵааратә експедициақәа.  Иҭышәҵаахьеит еиуеиԥшым Аԥсны ижәытәӡатәиу абаҟақәа.  Шәнапхгара аҵаҟа астудентцәеи аспирантцәеи алахәхахьеит археологиатә-культуратә баҟақәа рыҭҵаарақәа ирыдҳәалоу аекспедициақәа. Шәравторуп 100 инареиҳаны археологиатә ҭҵаарадырратә статиақәа, ажәахәқәа, Аԥсны археологиатә баҟақәа ирызку аҭыжьымҭақәа. Аспирантцәа рзы иеиқәшәыршәахьеит арҵагатә-методикатә планқәеи алекциақәеи. Аԥсны аекскурсиа мҩаԥгаҩцәа рыквалификациа аизырҳаразы есышықәса имҩаԥышәгалоит аҭоурыхтә баҟақәа рахь аныҟәарақәа. Шәара шәеиԥш иҟоу ҳҵарауаа рыбзоурала еиҵагыло аҿар рыԥсадгьыл аҭоурыхи уи абаҟақәеи ҭырҵаауеит.

Гарик Анатоли-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара, аманшәалара. Шәнапы злаку шәыпрофессионалтә ус аҟны аихьӡарақәеи аартра ҿыцқәеи шәзыԥзыԥшызааит.