Азҵаара рыҭара



Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә семинар

 Имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә семинар. Уи азкын «Аурыс классикатә литература аҟынтә аԥсшәахь еиҭагоу аҩымҭақәа». Асеминар мҩаԥган онлаин ( Zoom) аплатформа ала.
 Аиҿкааҩцәа: Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А.М.Горки ихьӡ зху адунеизегьтәи алитературатә  институт - Аурыс классикатә литература аҟәшеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети (аурыси аҳәаанырцәтәи алитератуеи акафедра).
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит: ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи  рлитература акафедра  аиҳабы, адоцент Наҭелла Бахьиа, арҵаҩы Стелла Бебиа, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Ахада, академик, ААУ апрофессор Зураб Џьапуа,   апоет, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа,   ашәҟәыҩҩы, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩы Денис Чачхалиа, Аҧсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Уасил Аҩӡба,  ААУ астудентцәа.