Азҵаара рыҭара



Шәачатәи ачемпионат аҟны ААУ акоманда аиааира ргеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыл азы акоманда шәачатәи ачемпионат аҩбатәи атур аҟны «Жемчужинеи» дареи реицыхәмарраҿы 2:1 ҳәа аиааира ргеит.

Иреиӷьыз ахәмарҩы ҳәа далкаан Мараҭ Барзаниа.

Ахәмарра мҩаԥысуан жьҭаарамза 3 азы адлертәи №10-тәи абжьаратә школ астадион аҟны.