Азҵаара рыҭара



Ишәыдаҳныҳәалоит Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш

28 шықәса ҵуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы (1992-1993шш.) аԥсуа жәлар Аиааира ргеижьҭеи. Ари иуадаҩыз аамҭазы иҳавагыланы еибашьуан Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа, Уаԥстәылеи, Ҭырқәтәылеи, Шьамтәылеи, Урыстәылеи уҳәа рҟынтәи ахатәгәаԥхарауаа.

Цәыббрамза 30 азы аԥсуаа иԥыхха иқәырҵеит ақырҭуа фашизм.  Убри аҽны ауп, аӷа, ҳтәыла далцаны, ҳаԥсуа еибашьцәа Егры аҳәааҿы   Аԥсны   Абираҟ ахашәыршәыруа ианахадыргылаз.  Аҭынчра аагара рхы ақәырҵеит зықьҩыла аҵеицәеи аҭыԥҳацәеи.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 94-ҩык Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәеи астудентцәеи. Иҟамзар ҟалап ҩнаҭак агәырҩеи, алаӷырӡи, агәаҟреи зхьымсыз.  Ахааназ ԥсра-ӡреи хашҭреи рықәым ҳфырхацәа рыхьӡқәа.

Ишәыдаҳныҳәалоит еицаҳзеиԥшу аныҳәа Ду! Нагӡара ақәзааит Аԥсынра!