Азҵаара рыҭара



"Афырхацәа рышьҭрала"

Аԥсны Аиааиреи ахьыԥшымреи рныҳәа инамаданы, ААУ аҟны имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра  иалахәыз аусзуҩцәеи, арҵаҩцәеи, иҭахаз рыхшареи, ААУ астудентцәеи реиԥылара.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ арҵаҩцәа - аветеранцәа: Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба,  ААУ афилософиа акафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иван Ҭарба, Светлана Холич, ААУ афилологиатә факультет аусзуҩы Илона Џьынџьалԥҳа, В.Анқәаб ихьӡ зху акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб.

Аиԥылара аиҿкааҩ Екатерина Бебиа иазгәалҭеит: "Ҳара еснагь хықәкы хадас иҳамоу ҳастудентцәа апатриотизми аԥсадгьыл абзиабареи рылааӡаара  ауп. Иахьа ишәҳардыруа  афырхацәа  аибашьраан иҭысххьан, алшара ҳамоуп урҭ акадрқәа рыхәаԥшра".

Авидеокадрқәа рышьҭахь, аиԥылара иалахәыз афырхацәа иргәаладыршәон изнысыз амҩа. Ажәа рыман иҭахаз рыхшарагьы, урҭ рахьтә иҟоуп  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус зуа, истудентцәоу, иара убасгьы,  ҳтәыла еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҟны аус зуа.

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы аиԥылара иалахәыз зегьы агәаларшәагатә фотосахьа ҭырхит.