Азҵаара рыҭара



Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рпоет

Иԥсҭазаара далҵит зыхьӡ нагоу ашәҟәыҩҩы, апародист, аиҭагаҩ, апублицист, Аԥсны жәлар рпоет,  Аԥсныи Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ  зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша"аорден III аҩаӡара занашьоу Платон Хәамԥа-иԥа Бебиа.
Платон Хәамԥа-иԥа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа, ароманқәа. Адунеи дадыруеит еиҭагаҩык иаҳасабала, аурыси аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рҩымҭа шьахәқәа аԥсышәала ирцәажәахьеит. Иҩымҭақәа еиҭагоуп еиуеиԥшым абызшәақәа рахь.
Ирацәан иџьабаақәа аҿар реиҵааӡара аус аҟны: ААУ  астудентцәа рзы имҩаԥигалон алекциақәеи аиԥыларақәеи. 
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи гәалсра дула ирыдышшылоит Платон Хәамԥа-иԥа иҭаацәеи, иуацәеи, иҭынхацәеи.
 Ашәҟәыҩҩы́ ду  иԥсҭазаара иалҵра хьаа  дууп зегьы ҳзы.