Азҵаара рыҭара



Агәаларшәаратә мшы

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шш.) аҟны Аиааира амш инамаданы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратәи университет азеиԥшнхарҭа анапхгареи, аусзуҩцәеи, астудентцәеи аҭааит Аԥсны Мрагыларатәи афронт аҟны иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәа ахьгылоу аҭыԥқәа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ азеиԥшнхарҭа аиҳабы Зураб Амҷба, ААУ азеиԥшнхарҭа апедагог- ааӡаҩ Виачеслав Кәыҵниа, азеиԥшнхарҭа аусзуҩ Важьа Ҵулукиа, аусеилыргара аҟәша амаӡаныҟәгаҩ Асида Аргәын, аҷаԥшьаҩцәа: Нана Аршба, Викториа Ҵулукиа, иара убас, ААУ афилологиатә, аҭоурыхтә, абиолого-географиатә факультетқәеи, аҟазарақәа рыҟәша аҟны аҵара зҵо, азеиԥшнхарҭа иҩноу астудентцәа.

Астудентцәа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз тҟәарчалаа, тамшьтәи, очамчыратәи рҵеицәа рбаҟақәа рымҵан, иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахҭысқәа ирыдҳәалоу аҭоурыхтә ҭыԥқәы рҟны.

Аҵараиурҭа астудентцәа идырбан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акультура Ахан, уи аҩныҵҟа еиҿкаау Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи . Уи адиректор Нанули Матуаԥҳа астудентцәа ирзеиҭалҳәеит амузеи аҭоурыхи тҟәарчалаа рҵеицәа знысыз рфырхаҵаратә мҩеи ртәы.

Иазгәаҭатәуп ААУ азеиԥшнхарҭа аиҳабы Зураб Амҷба,уи аусзуҩцәа Виачеслав Кәыҵниеи Важьа Ҵулукиеи Аԥсны Аџьыннџьтәылатә еибашьра аҟны ааԥсарак ҟамҵакәа еибашьуаз аветеранцәа ишреиуоу. ААУ азеиԥшнхарҭа аусзуҩцәа 7-ҩык аибашьра иалахәын. Апедагог-ааӡаҩ Виачеслав Кәыҵниа иҭаацәа – ҩыџьа ихшаареи, иԥшәма ԥҳәыси арҭ ахлымӡаах шықәскәа раан иҭахеит. Иумбарц залшомызт арҭ ауаа ргәалашәара иагәылаҵәахыз агәырҩа.

Зураб Лука-иԥа Амҷба иажәақәа рыла, иахьатәи амш ахықәкы хадақәа иреиуан аҿар апатриотизм рылааӡареи, рыԥсадгьыл ахь агәыбылреи дыркра шакә. «Насгьы, иахьа астудентцәа рыбжьара дыҟоуп Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет астудентка, лара дцаанӡа исҭахын ас еиԥш иҟоу агәаларшәара мшы амҩаԥгара», - иҳәеит ААУ азеиԥшнхарҭа аиҳабы Зураб Амҷба.

Зураб Лука-иԥа иааираны иҟоу аныҳәатә мшқәа еицу зегьы ирыдныҳәалауа, хаз ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа астуденцәа равтобус амҩа иқәнаҵы иаԥырҵаз ашәарҭадаразы.

ААУ астудентцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит иахьатәи амш аиҿкааҩцәа зегьы.