Азҵаара рыҭара



ААУ аректор Алеко Гәарамиеи Еиду амилаҭқәа рхеилак апрограмма аменеџьер Рафис Абазови еиԥылеит

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ актәи апроректор Виқтор Маланӡиа, ААУ аҿар рполитика азы апроректор Медеа Чегиа, ААУ агронџьныртә факультет адекан Розетта Смыр, ААУ аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаиа.
Колумбиатәи ауниверситет апрофессор, Еиду амилаҭқәа рхеилак апрограмма аменеџьер Рафис Абазов дызлоу аиҿкаара ацхыраара рырҭоит Аԥсны абжьаратә профессионалтә -техникатә ҵараиурҭақәеи урҭ рҿы аҵара зҵо аҿари.
Аиԥылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа маҷмызт. Рафис Абазов иазгәеиҭеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ацхыраара шарҭало ԥхьаҟа.