Азҵаара рыҭара



Лыԥсҭазаара далҵит зыхьӡ нагоу аҵарауаҩ

Лыԥ́сҭазаара далҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, алитератураҭҵааҩ, аҳәаанырцәтәи алитература аспециалист Вера Вахтанг-иԥҳа Шервашиӡе.

Вера Вахтанг-иԥҳа далгеит Қарҭтәи ауниверситет аромано-немецтә филологиа «афилолог, афранцыз бызшәеи алитературеи рырҵаҩы» изанааҭ. Далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аспирантура.

1975 ш. иланашьан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҩаӡара; 1989 ш. афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ; 1990 ш.- апрофессор ихьӡ.

1982 шықәса инаркны 1992-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҳәаанырцәтәи акафедра деиҳабын.

1994 ш. аус луан Урыстәылатәи Ажәларқәа Реиҩызара Ауниверситет (РУДН) аҟны аурыси аҳәаанырцәтәи акафедра апрофессорс.

Вера Вахтанг-иԥҳа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә усумҭақәеи амонографиақәеи. Лусумҭақәа еиҵагыло аҿари, аҭҵаарадырра аус аҟни ицхараагӡаны инхоит.

Аҵарауаҩ лыԥсадгьыл дацәыхараны аус шылуазгьы илхалыршҭуамызт Аԥсынтәыла, есқьынагьы, дшеилахазгьы илыԥшаауан аамҭа ААУ аҟны лколлегацәеи астудентцәеи рзы аамҭа. Лассы-лассы ААУ астудентцәа рзы алекциақәа дрыԥхьон.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи гәалсра дула ирыдышшылоит Вера Вахтанг-и́́ԥҳа Шервашиӡе лҭаацәеи, луацәеи, лҭынхацәеи.

Вера Вахтанг-иԥҳа лгәалашәара лаша дыздыруаз зегьы ргәаҵаҟны наӡаӡа иаанхоит.