Азҵаара рыҭара



ААУ имҩаԥгахоит Владимир Харлов илекциа

Цәыббрамза 21 азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгахоит Аҩадатәи амшынтә мҩа Ассоциациа алахәылаҩцәа русеицуразы Апрезидент ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи А́ҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиаразы иаԥҵоу Арктикатә Хеилак аусуратә гәыԥ алахәыла Харлов Владимир Галлактион-иԥа илекциа.

Владимир Галлактион-иԥа напхгара зиҭо Асоцциациа ахықәкы хадақәа иреиуоуп Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара жәларбжьаратәи аусеицуразы иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵареи, насгьы, атәылақәа рыбжьара аԥышәаеимдареи рауп.

Алекциа мҩаԥгахоит ААУ амфитеатр аҟны асааҭ 12.00 рзы.