Азҵаара рыҭара



Аиааира ргеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыл азы акоманда  шәачатәи ачемпионат аҩбатәи атур  аҟны         "Медик-2" акомандеи дареи реицыхәмарраҿы 3:2 ҳәа  аиааира ргеит.
Ҩ-мпылк амбахь иҭаиршәит Алан Кәыҵниа, мпылк ҭаиршәит Леван Логәуа.
Иреиӷьыз ахәмарҩы ҳәа далкаан Алан Кәыҵниа.
Ахәмарра мҩаԥысуан цәыббрамза 19  адлертәи №10-тәи абжьаратә школ астадион аҟны.