Азҵаара рыҭара



ААУ акоманда аиааира ргеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыл  азы акоманда Шәачатәи ачемпионат аҩбатәи атур аҟны аиааира ргеит  "Трактор - 2" дареи реицыхәмарраҿы.
Ахәмарра мҩаԥысуан цәыббрамза 12 адлертәи №10-тәи абжьаратә школ астадион аҟны. Иагьхыркәшахеит 7:2 ҳәа ААУ акоманда аиааира ала.
Амбахь ҩ-мпылк ҭаиршәит Доменик Харзалиа, акака мпыл ҭадыршәит Никита Ашәба, Леван Логәуа, Никита Амԥар, Лука Ашәба, Михаил Қәҭелиа. 
Иреиӷьыз ахәмарҩы ҳәа далкаан Тимур Гаделиа.