Азҵаара рыҭара



Адныҳәалара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә универсиет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара ииубилеи идырныҳәалоит аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, алитератураҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Алеқсеи Луман-иԥа Папасқьыр.

 

Ҳаҭыр зқәу Алеқсеи Луман-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Шәара еиҵагыло аҿар реиҵааӡараҿы шәџьабаа шьардоуп. Ирацәоуп шәара шәлагалеи шәылшамҭеи шәнапы злаку аус аҟны. Шәнапы иҵшәыжьхьоу аусум́́тақәа цхыраагӡоуп аԥсуа ҭоурых ҭҵаарадырраҿы. Алитературеи аҭоурыхи рҟны шәыҭҵаарадырратә усумҭақәа еиҵагыло аҿар рзы имҩақәҵагоуп.

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара еицамк, агәалаҟазаара бзиа, аԥсуа ишқәсынҵыра!