Азҵаара рыҭара



АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УНИВЕРСИТЕТ АКОЛЛЕКТИВ ИМШИРА ИДЫРНЫҲӘАЛОИТ ААУ АРЕКТОР, АКАДЕМИК АЛЕКО АЛЫҚЬСА-ИԤА ГӘАРАМИА

Ҳаҭыр ду зқәу Алеко Алықьса-иԥа! Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  аколлектив гәык-ԥсыкала ишәыдырныҳәалоит шәиирамш.

Ҳара ҳзын  игәадуроуп, ҳмилаҭтә ҵараиурҭа шәара напхгара ахьашәҭо - адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ахьӡ ду змоу, зыхьӡ нагоу аҵарауаҩ,  аԥсуа милаҭ рҟынтә раԥхьаӡатәи афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор,  аҭҵаареи арҵареи рус аиҿкааҩ, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Адыгатәи жәларбжьаратәи  аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи,́ Европатәии Урыстәылатәии аԥсабаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, М.В.Ломоносов ихьӡ зху  Москватәи  аҳәынҭқарратә университети Оксфордтәи академиатә Еидгылеи Ҳаҭыр зқәу рыпрофессор, Адыгатәии Арцахтәии, Приднестровтәии ауниверситетқәа Ҳаҭыр зқәу рдоктор,  Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҳәынҭқаррақәа рҟны аҭҵаарадырра  зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Европатәи  аректорцәа рклуб алахәыла, Оксфордтәи Академиатә Еидгыла алахәыла, 1991-1996 шш. Аԥсны А́ҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет апарламент адепутат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу.

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа! 

Шәара шәлагалеи шәааԥсарақәеи, шәхыԥшеи, шәпатриотизми ирыбзоураны ҳара ҳҵараиурҭа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шш. раан, ацәыӡ дуқәа зауз, 1993 шықәсазы Евразиатәи ауниверситетқәа рассоциациахь ирыдкылан.

Иуадаҩуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Урыстәылатәии, аҳәаанырцәтәии ауниверситетқәеи рыбжьара аҿиареи, аҭҵаарадырреи, арҵареи, акультуратә еимадареи рҟны ибжьашәҵаз аимадарақәа рыхә ашьара.

Шәара шәырҿиареи шәаартрақәеи, шәусурахь ишәымоу агәацԥыҳәареи изызҳау аҿар рзы имҩақәҵагоуп, иҿырԥшыгоуп.

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиареи аманшәалареи.  Шәыпрофессионалтә усураҿы аихьӡара ҿыцқәа шәзыԥшызааит.

Ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари шьардаамҭа шәрыгымзааит!