Азҵаара рыҭара



ААУ акоманда аиааира ргеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыз азы акоманда  4:3 ҳәа аиааира ргеит Шәачатәи ажәабатәи  атурнир  ашьапылампылтә гәыԥ "Атлантиси" дареи реиндаҭлараҿы.
Ахәмарра мҩаԥысуан цәыббрамза 5 Адлертәи №10-тәи абжьаратә школ  астадион аҟны.
Ҩ-мпылк амбахь иҭаиршәит Леван Логәуа, акака мпыл амбахь иҭадыршәит Баҭал Чегиеи Доменик Харзалиеи.
Иреиӷьыз ахәмарҩы  ҳәа далкаан Леван Логәуа.