Азҵаара рыҭара



Адныҳәалара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи ииубилеи идырныҳәалоит ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы,  Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ауаажәларратә  усзуҩы, Аԥсны иреиҳау аҵара ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы,  ААУ аректор иабжьгаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ,  апрофессор, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор,  «Ахьӡ-аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу    Гәырам Артиом-иԥа Амқәаб.

Ҳаҭыр зқәу Гәырам Артиом-иԥа! 

40-шықәса инареиҳаны Аԥсуа Телерадиоеилахәыра аҟны аус жәуан, 15 шықәса инарзынаԥшуа уи хантәаҩра азыжәуан. 
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.) ашьҭахьтәи аҭакԥхықәра ду зцыз ашықәсқәа раан, напхгара зышәҭоз ателехәаԥшреи арадиои рыҿиара аусаҿы ишәылшәыршаз шьардоуп, ҳҳәынҭқарра аинформациатә  идеологиа ашьақәыргылараҟны шәылшамҭақәа рацәоуп. Шьҭахьҟа ҳхьаԥшны ҳмилаҭтә телехәаԥшра знысыз амҩа ҳаназхәыцуа, гәыҩбарада уи аихьӡарақәа шәара ишәыбзоуроуп ҳәа ҳҳәарц ҳалшоит. 
Шәара 25-шықәса инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра напхгара азыжәуеит. Аԥсуа журналистика аҿиара ахыҵхырҭа аҟны игылаз иналукааша ажурналистцәа шәреиуоуп. Имаҷҩым еиҵашәааӡахьоу ажурналистцәа ́ҿарацәа. Урҭ рзы   ицхыраагӡа дуны иҟоуп шәыҭҵаарадырратә усумҭақәа. Ибеиоу шәыпрофессионалтә ԥышәа ду ҿыц еиҵагыло ажурналистцәа рзы ихшыҩрҵагоуп.  
Шәнапы иҵшәыжьхьоу 40-ҭҵаарадырратә усумҭақәа рҟны  ҳмилаҭтә дунеихәаԥшышьа аҷыдарақәа  азгәашәҭоит. Урҭ ҳасаб рзуны астудентцәа ирылашәааӡоит. Ааԥсарак ҟамҵаӡакәа иахьагьы шәыпрофессионалтә ус амаҵ азыжәуеит. 
Шәиубилеи амш азы гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара ҳаракы, аманшәалара, аԥсуа иқәранҵыра наӡа. Шәнапы злаку шәзанааҭтә усураҿы аартра ҿыцқәеи аихьӡара дуқәеи шәзыԥшызааит.

Ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари шәрыгымзааит!