Азҵаара рыҭара



Имҩаԥысит ААУ аректорат аилатәара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит изаамҭанытәиу аректорат аилатәара. Уи аҟны еиуеиԥшым азҵаарақәа ирылацәажәан, урҭ рхыԥхьаӡара аҟны иҟан иуадаҩу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны, аҵаратә шықәса алагамҭа арыцхә ашьақәыргылара.  

ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит аҭакԥхықәара ду зцу ҳазҭагылоу аамҭазы ААУ адеканатқәеи акафедрақәеи русзуҩцәа зегьы ры́хшыҩ еилаҵаны астудентцәа ргәабзиара ахьчара азы ааԥсарак ҟамҵакуа аус шутәу.

Аилатәара аҟны иӡбан аепидемиологиатә ԥкрақәа зегьы ишрықәныҟәатәу: аудиториақәа рырзҩыдара, асабрадақәа рныҟәгара, астудентцәа ргәабзиара ацклаԥшра азура.

Актәи акурсқәа рзы ауниверситет аҟны а́ҵаратә процесс цәыббрамза 6 азы иалагоит, егьырҭ акурсқәа рзы - цәыббрамза 15 азы.

Аректорат аҟны ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, аҵаратә процесс иазԥхьагәаҭоуп зҽызыԥсахуа аамҭеихшанҵа. Уи хықәкыс иамоуп астудентцәа ргәыԥқәа реиқәмыршәара.

Иазгәаҭатәуп, аҵараиурҭа аҟны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчаразы мышқәак раԥхьа   Урыстәылатәи иҷыдоу архәҭақәа рымчала ауниверситет иаҵанакуа аҭыԥқәа зегьы арзҩыдара шырзыруз.