Азҵаара рыҭара



Лыԥсҭазаара далҵит Светлана Шьалуа-иԥҳа Мерцхәлаа

Лыԥсҭазаара далҵит  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет  "Аҳәынҭқарратә напхгареи аменеџьменти" ркафедра арҵаҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Светлана Шьалуа-иԥҳа Мерцхәлаа.
Светлана Шьалуа-иԥҳа Мерцхәлаа 1978 ш. инаркны 1992 шықәсанӡа аус луан Тҟәарчалтәи ақалақьтә Исполком Ахеилак аҟны раԥхьа маӡаныҟәгаҩыс,  аиҿкааратә ҟәша аҟны инструкторс, анаҩс напхгаҩыс.
1987 шықәса азы Светлана Шьалуа-иԥҳа далхын Тҟәарчалтәи ақалақьтә  Еизара жәлар  рдепутатс.
 2006 шықәса аахыс Светлана Шьалуа-иԥҳа аус луан ААУ аекономикатә факультет "Аҳәынҭқарратә напхгареи аменеџьменти" ркафедра аҟны рҵаҩыс, лааԥсара рацәан аҿар реиҵааӡараҿы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  аректорати, апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи, аекономикатә факультет аусзуҩцәеи, астудентцәеи гәалсра дула  ирыдышшылоит Светлана Шьалуа-иԥҳа лҭаацәеи, луацәеи, лҭынхацәеи.
Уи лгәалашәара лаша дыздыруази, аус лыцызуази ргәаҵаҟны наӡаӡа иаанхоит.