Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара лиубилеи лыдырныҳәалоит аҵарауаҩ - афилолог, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аҳәынҭқаррақәа рҭоурых акафедра адоцент, жәларбжьаратәи арегионалтә ҭҵаарадырратә форумқәа рлахәыла, 60 инареиҳаны аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәа равтор Мзиана Баграт-иԥҳа Кәыҵниа.
Ҳаҭыр зқәу Мзиана Баграт-иԥҳа!
40-шықәса инареиҳаны ААУ аҟны асоциалтә философиеи, адиндырреи, Аԥсны аҭоурыхи инарываргыланы, амагистрцәа рыҭҵаарадырратә усумҭақәеи, аҵарауаа ҿарацәеи, аспирантцәеи рыстатиақәа аредакциа рзыжәухьеит. Напхгара ашәҭахьеит 72 инареиҳаны астудентцәа рдипломтәи, рбакалавртәи, рмагистртәии усумҭақәа. Иаԥышәҵеит еиуеиԥшым аҭоурыхтә темақәа рыла шәхатә лекциақәа ркурс. Астудентцәа рзы ицхыраагӡа дуны иҟоуп еиқәшәыршәаз аҵаратә-методикатә курсқәа. Имаҷу ажәларқәа рыпроблемақәа ҭҵаауа, шәара ишәырҭбаауеит ААУ астудентцәа рдыррақәа. Ҳажәлар рдунеихәаԥшышьа аҷыдара азгәаҭаны астудентцәа ирылашәааӡоит.
Шәиубилеи амш азы гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара ҳаракы, аманшәалареи иҿыцу аартрақәеи!