Азҵаара рыҭара



Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш

Нанҳәа 14, 1992ш.  иалагеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц аҟны зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аибашьра. Ақырҭуа ир Аҧсны иақәлоит, иалагоит 413 мши, ҵхи ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра. Аҧсуа жәлар рхақәиҭратә еибашьраҿы ацхыраара рырҭарц иааит Нхыҵ-Кавкази, Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи ахатәгәаҧхаҩцәа, иара убас,  аҳәаанырцәтәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа.

Аҧсуа еибашьцәеи, хатәгәаҧхарала иааны еибашьуази ргәымшәареи, аҧсадгьыл ахь ирымаз ахамеигӡареи ирыбзоураны, жәлар риааира ала, аибашьра ахыркәшара алыршахеит.

Аибашьра хлымӡаах  рыԥсҭазаара  ақәырҵеит  94-ҩык  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәеи астудентцәеи.

Хашҭра рықәым Аԥсны еиқәзырхаз аҵеицәеи аҭыԥҳацәеи!