Азҵаара рыҭара



ААУ аректор, академик А.Гәарамиа аскульптор, академик Сергеи Олешниа дидикылеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа дидикылеит Аладатәи Афедералтә университет аграфикеи аскульптуреи ркафедра апрофессор, аскульптор, Урыстәылатәи асахьаҭыхратә академиа академик, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы Сергеи Олешниа.

Аиԥылара рхы алдырхәыит ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәырам Амқәаб, ААУ аҿар рполитика апроректор Медеиа Чегиа, ААУ аҟазарақәа рыҟәша анапхгаҩы, адоцент Ныгәзар Логәуа, зыхьӡ нагоу аԥсуа скульптор, раԥхьаӡакәны аԥсуа сахьаҭыхра аҭоурых аҟны «Ҳаҭыр зқәу Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа Ракадемиа алахәыла» ҳәа ахьыӡ ҳаракы занашьоу Витали Џьениа, ААУ аректор ицхырааҩы Анжела Қаџьаиа.

ААУ аректор, академик А.Гәарамиа иааиз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа иҳәеит, 1994 шықәса аахижьҭеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Ростовтәи аҳәынҭқарратә университети, Аладатәи Афедералтә университети рыбжьара арҵареи аҭҵаареи рзы аиқәшаҳҭрқәа шрыбжьоу. 2017 шықәсазы ари аиқәшаҳаҭра аредакциа рҿыцын ҳәа азгәеиҭеит аректор. Алеко Гәарамиа асасцәа аҵараиурҭа аҭоурых рзеиҭаҳәауа, иҳәеит Аԥсны азы ихьанҭаз аамҭақәа раангьы ауниверситет аусура ишацнаҵоз, иахьагьы адунеиаҿтәи аҵараус астандартқәа инарықәыршәаны аус шауа. Иахьатәи аамҭазы аҵара дахцәажәауа аректор, академик Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит адистанциатә ҵара ишазымыԥсахуа арҵаҩи аҵаҩи русеицура. «Сара даара гәахәарыла срыҿцәажәоит аҟазара знапы алаку ауаа», - иҳәеит аректор. А.Гәарамиа иазгәеиҭеит ААУ аҟны иаԥҵоу аҟазарақәа рыҟәша хара имгакәа афакультет астатус шаиуа. Аректор иажәақәа рҟны ааԥхьара риҭеит Аладатәи Афедералтә университет аусзуҩцәеи астудентцәеи аԥышәа аимдаразы ААУ аҟны алекциақәа рыпхьаразы.

Аҟазарақәа рыҟәша анапхгаҩы Ныгәзар Логәуа иҳәеит Аладатәи Афедералтә университет аусзуҩцәа рԥышәа шыцхыраагӡахо аҟәша афакультет астатус анаиулак.

Аладатәи Афедералтә университет аграфикеи аскульптуреи ркафедра апрофессор Сергеи Олешниа иҳәеит: «Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа, сара хаҭала снапы злаку аҟазара шакугьы, шәара шәаартрақәеи, шәыҭҵааратә усуреи сазҿлымҳан есқьынгьы. Иахьа гәахәарала исыдыскылоит лабҿабатәи ҳаибадырра». Сергеи Олешниа иазгәеиҭеит дара рҵараиурҭа аҟны ААУ арҵаҩцәеи астудентцәеи ишырзыԥшу. «Иахьа Аԥсны азы игәахәароу мшуп, аԥсуа сахьаҭыхҩы Витали Џьениа «Ҳаҭыр зқәу Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа Ракадемиа алахәыла» ҳәа ахьӡ ҳаракы ахьианашьахаз», - иҳәеит Олешниа.

Ауснагӡатә аҟны инарҭбанны иахцәажәан аҟазара аус аҟны иазԥхьагәаҭоу ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа – аконференциақәа, аҟазатә классқәа, аметодика ҿыцқәа, астажировкақәа рымҩаԥгара, аспирантура.

Анаҩс асасцәа идырбан ААУ аҟны ихацыркыз аҟазарақәа рыҟәша иатәу аҟазарҭақәа реиҭашьақәыргыла иахьаҿу аҭып.

Аиԥылара ахыркәшамҭазы, ауниверситет ахьӡала асасцәа ҳамҭас ирыҭан ААУ 85-шықәса ахыҵра аҳаҭыраз иҭыжьыз аиубилеитә араӡынтә ԥсари, аҵараиурҭа абуклети, Аԥсны аҭоурых иазку афотоальбоми.