Азҵаара рыҭара



Ииубилеи идырныҳәалоит

ААУ акколектив ииубилеи идырныҳәалоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, археолог, аҭоурыхҭҵааҩ, кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла, "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара занашьоу Олег Хәыхәыт-иԥа Бгажба.
Ҳаҭыр зқәу Олег Хәыхәыт-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит 80-шықәса шәхыҵра аиубилеи! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку арҵареи аҭҵаареи рус аҟны аихьӡарақәа, аԥсуа иқәранҵыра.