Азҵаара рыҭара



ААУ акоманда аиааит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыл азы акоманда «Дагомыс» акоманда аҵадырхеит 1/8 ақалақь Шәача ашьапылампыл Акубок аиуразы ахәмарра аҟны.

Ахәмарра мҩаԥысит ԥхынгәымза 17, Шәача иаҵанакуа Лазаревск араион аҳабла Дагомыс, иагьхыркәшахеит аԥсуа команда 5:1 ҳәа риааирала.

Амбахь ампыл ҭадыршәит: Лион Дауров, Ануар Гублиа, Баҭал Чегиа, Асҭан Мықәба, Алан Ҵәыџьба.

Ирыдаҳныҳәалоит ҳкоманда раԥхьатәи аиааира!