Азҵаара рыҭара



82 ш. дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Енвер Хазириши

82 ш. дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит зыхьӡ нагоу аҵарауаҩ, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аматематика акафедра ҳаҭыр зқәу апрофессор, адоцент Енвер Осман-иҧа Хазириши. 

Аҵарауаҩ дравторуп 2 монографиаки 30 инарзынаҧшуа аҭҵаарадырратә усумҭақәеи. Енвер Осман-иҧа илшамҭақәа рзы иаҭәашьан Аҧсны иреиҳау ашкол зҽаҧсазтәыз аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, афизика-математикатә афакультет аусзуҩцәеи, астудентцәеи гәалсра дула ирыдышшылоит аҭаацәеи, ауацәеи аҭынхацеи.