Азҵаара рыҭара



120 ш. ҵит иналукааша ҳдиаспора ахаҭарнак, анџьныр, аҭоурыхҭҵааҩ, абызшәадырҩы, апоет, ауаажәларратә усзуҩ Омар Беигәаа диижьҭеи

1997 ш. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара ирыдыркылаз ақәҵарала, Омар Беигәаа Аҧсны иреиҳау аҵараиурҭа ҳаҭыр зқәу апрофессор ҳәа ахьӡ ихҵан. Аусҧҟаҿ иазгәаҭан: «Аҧсуа ҭоурыхи, аетнологиеи, алитературеи рыҭҵаара аусаҿ иаҧышәҵахьоу аусумҭа дуқәа рҵаки, иҧсаҟьаны адунеи иалаҧсоу аҧсуаа реимадара, урҭ доуҳала ракзаара аус аџьабаа иадыжәбалахьоу иацназго иахьа даара имаҷуп»...